current location : Lyricf.com
/
/
Иаужь шьҭа наҟ, иагьыбхаршҭ [Let it go] [Iouž' š'ţa naq, iag'ybcharšţ] [Transliteration]
Иаужь шьҭа наҟ, иагьыбхаршҭ [Let it go] [Iouž' š'ţa naq, iag'ybcharšţ] [Transliteration]
turnover time:2024-09-19 20:00:07
Иаужь шьҭа наҟ, иагьыбхаршҭ [Let it go] [Iouž' š'ţa naq, iag'ybcharšţ] [Transliteration]

Аурҭ ихнаҩеит ашьха ақәцә анаара,

Адгьыл шкәакәахеит зынӡа.

Ҿымҭ злоу аҳәынҭқарра

Саҳәынҭқархеит шьҭа сара.

Иӷзуеит аԥша, афырҭын сгәаҿы еихсыӷьшьа змам.

Ма иныскылар, аха исылшом шьҭа.

О, иаабмыртын, зынӡа иҵәахы.

Быԥҳәызба ҟәыбҷаз зегь рзы.

Бцәанырра ашә ацыԥха ҿаҵа

Аха, иаԥсам!

Иоужь шьҭа наҟ – ибхаршҭ зегьы.

Уаҳа иузырхынҳәуам акагьы.

Соужь шьҭа анҟ – иахьсҭыԥу сцап,

Иҿыцу амш мҩакы снарбап.

Шьҭа сара сацәшәаӡом акагьы,

Ицәқәырԥоит аԥша,

Ахьҭа еснагь иақәшәон са сгәы.

Ҩадаҟа сыҩуа схалоит,

Аҵаа еизадоу ахь.

Ашәарамшқәа инсыжьыз,

Шьҭа исыхьӡаӡом зынӡак.

Иаамҭоуп уажәшьҭа, исылшо збап,

Аурҭцәгьа сымаҵ уа иаулап.

Аҵаа-тәылаҿ схы сақәиҭхап

Наӡаӡа.

Иаужь шьҭа наҟ, иагьыбхаршҭ,

Быззыгәшьуаз агәаҳәарақәа ааныжь.

Иаужь шьҭа наҟ, иагьыбхаршҭ,

Уаҳа лаӷырӡык камыжь.

Ароуп сыҩны, слахьынҵоуп асы.

Ицәқәырԥааит аԥша.

Аҳауеи адгьыли ирҿасырддуеит сара.

Снапаҵаҟоуп аҵааршә ахьыҟоу, ишаноуп сымч , арахь.

Ԥхьаҟа издыруеит сара иҟаҵатәу шьҭа.

Шьҭахьҟа схынҳәуам сара, зегь схасыршҭроуп шьҭа.

Иоужь шьҭа наҟ, иагьыбхаршҭ,

Ҵәҩанҵәыҟа ушәаԥшьны ухал.

Иоужь шьҭа наҟ, иагьыбхаршҭ,

Иаҵәала укаԥха, уацрал.

Саԥылап шьҭа, сшамҭа раԥхьатәи,

Ицәқәырԥааит аԥша,

Ахьҭа еснагь иақәшәон са сгәы.

Comments
Welcome to Lyricf comments! Please keep conversations courteous and on-topic. To fosterproductive and respectful conversations, you may see comments from our Community Managers.
Sign up to post
Sort by